Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирымшуп иахьа. 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, уи ахьчаразы адырҩаҽны иааит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи Султан Сосналиев напхгара зиҭоз раԥхьатәи агәыԥ. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз Нхыҵ Кавказынтә, Урыстәыла ладантәи, Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә, ахара аҳәаанырцәынтәи аибашьцәа-хатәгәаԥхаҩцәа. Урҭ рахьынтә 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, 247-ҩык иранашьоуп Леон иорден, 623-ҩык - "Агәымшәараз" амедал. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык ахатәгәаԥхаҩцәа.
Арҭ амшқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿы еиҿкаауп ацәыргақәҵа. Уаҟа иӡыргоу афотосахьақәа, урҭ рҭоурыхқәа, насгьы ҳиааира азаагараҿы ахатәгәаԥхаҩцәа иааныркылаз аҭыԥ, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.