Путини Трампи реиԥылара мҩаԥысуан Алиаска Анкориџь ақалақь аҿы иҟоу арратә база Елмендорф-Ричардсон аҟны.
Аиҿцәажәарақәа "хҩык-хҩык" аформат ала имҩаԥысуан, уи иалахәын Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, урыстәылатәи ахада ицхырааҩ Иури Ушаков, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, аҳәынҭқарра ахада иҷыдоу ихаҭарнак Стивен Уиткофф.
Уи ашьҭахь аиԥылара иалахәын аделегациақәа рлахәылацәа зегьы.