Украина азы аҭынчратә еиқәшаҳаҭра абжьаҵара алшоит арратә усмҩаԥгатәқәа шцогьы иҳәеит Трамп Аҩны шкәакәаҿы Зеленскии иареи реиԥылараан иацы Еиду Америкатәи аштатқәа рхада иҳәеит агәра шиго Украинатәи аиҿагылара аӡбаразы Урыстәыла агәазыҳәара шамоу.Зеленски Украина алхрақәа рымҩаԥгара азин ҟаиҵеит, аха уи азы "ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аҭаххоит" иҳәеит.Трамп Урыстәылеи, Америкеи, Украинеи рыбжьара хганктәи аиԥылара ҟалар шалшо азы агәрагара ааирԥшит.
Владимир Путини Дональд Трампи ҭелла иалацәажәеит Украинеи Урыстәылеи ишиашоу реиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара алыршаразы иҳәеит Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков.Иара иажәақәа рыла, америкатәи анапхгаҩы Урыстәыла ахада адырра ииҭеит Зеленскии Европа анапхгаҩцәеи рыбжьара имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа рзы.Трамп иазгәеиҭеит, Европа атәылақәа рхадацәа Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа ишиашоу аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи, иара убасгьы Москвеи Киеви рхаҭарнакцәа рыҩаӡара ашьҭыхразы аидеиа ишадгылаз.
Аԥсны иҟоу адунеи аҿы иреиҳау Крубератәи аҳаԥы аҟнытә Урыстәылатәи агеографиатә еилазаара аекспедициа Жәларбжьаратәи акосмостә станциала аимадарахь ицәырҵит.2176 метра аҵаулараҿы иҟоу оптикатә-цәаҳәатә еимадара абзоурала, Урыстәыла агеографиатә еилазаареи Агеографцәа рымши иазкны аспелеологцәеи акосмонавтцәеи рыбжьара ателецҳа амҩаԥгара алыршахеит.Аекспедициа анапхгаҩы Геннади Самохин иҳәеит Атехнологиа ҿыцқәа рыбзоурала, аҳаԥы аҵаулраз ииашоу адыррақәа риура шалыршахаз
Аҟәа имҩаԥысит Атуризм аминистрра авидеоеицлабра "Акадр аҿы Аԥсны" аӡыргара."Ҳара даара агәыӷра ҳамоуп, Аԥсны адунеи аҿы иреиӷьу тәылак аҳасабала иаазырԥшыр зҭаху аҟазацәа, аблогерцәа, ҳтәыла ауааԥсыреи ус иаҭаауа асасцәеи зегьы аицлабра рхы аладырхәып ҳәа", — ҳәа иҳәеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.Аицлабра алахәылацәа ареспублика аԥсабара, акультура, атуризм, мамзаргьы атрадициақәа ирызку хә-минуҭк ирылагӡоу авидеосахьа ҭырхроуп. Арзаҳалқәа рыдыркылоит нанҳәа 18 инаркны цәыббра 16 рҟынӡа, алҵшәақәа рылаҳәахоит жьҭаарамзазы.
«Иахьатәи аамҭазы Гагра араион аҿы раԥхьаӡа акәны зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа 300-ҩык инареиҳауп", -лҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.Лара иазгәалҭеит ари ахыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа ишеиҵоу, аха ишақәгәыӷуа иаанхаз ажәамшк рыҩнуҵаҟа иҵегьы арзаҳалқәа ааргап ҳәа. Ажьиԥҳа илҳәеит, араион ашколқәа зегь рҟны аҵарашықәс ҿыц ишазхиоу.