Ихадоу атемақәа

Sputnik
Америка 17 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны ЕАР аҿы Урыстәыла иаҿагыло аҳәамҭа алахәхара мап ацәнакит.2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкыз Еидҵоу амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы, Еиду Аштатқәа Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара адгыларази Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны Урыстәыла арратә базақәа рыҟазаара ақәыӡбарази мраҭашәаратәи атәылақәа еицырзеиԥшу аҳәамҭа иадымгылеит."Ари ашьаҿа Америка ахадара ҿыц азнеишьа шыԥсаххаз аанарԥшыр алшоит. Ҳзышьцылахьоу Урыстәыла иаҿагыло ариторика ацымхәрас, аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи аицәажәара аиҭашьақәыргылареи ирзырхоу, иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Санчаратәи ашьхахыҵырҭа ахьчаҩцәа рбаҟа аадыртраны иҟоуп Ԥсҳәы цәыббрамза 9 рзы.Аартра ақыҭа афашисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш иақәшәоит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ, аиҿкаара "Абхазпоиск" анапхгаҩы Николаи Медвенски.Уаҟа, иара убас, Ԥсҳәы ақыҭеи Кавказ азы ажәылареи ирызку асовет аамҭазтәи архивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахоит.
Очамчыра араион аҟны ашьыжьтәи амшцәгьа аԥхасҭа ҟанаҵеит.Ақәаршҩы ӷәӷәеи аԥшатлакәи аҵлақәа хыржәеит, афымцацәаҳәақәа ԥырҵәҵәеит, амҩақәа аӡы рнылеит.Еиҳарак ааха роуит амшын аԥшаҳәа иахьаҵананакуа, апаркқәа, ахатәыҩнқәа. Аинфраструктурагьы ааха аиуит.Араион акоммуналтә маҵзурақәа русура рӷәӷәоуп.
Пицунда ахатәыҩнқәа шәкы рҟынӡа лашарада иаанхеит."Афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеи, уи иахҟьан ахшзауад иахьаҵанакуа аҩнқәа лашарада иҟоуп", — абри атәы ааицҳаит Пицунда ақалақь ахада Рустам Агрба."Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит.Иара иажәақәа рыла, илеиз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны аџьармыкьа азааигәара иҟоу Агрба имҩа аӡы ахыҵәеит, аӡыҭгагақәа рыцхыраарала аӡы ақәгара иаҿуп.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнырӷәӷәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа есымза 6000 мааҭ рзаҵҵазарц.Аԥсахрақәа амч роуеит 2025 шықәса цәыббра акы инаркны. "Ауалафахәы ацҵарала даара ацхыраара ҳауеит ашколқәа рахь арҵаҩцәа ҿарацәа радыԥхьалареи аԥсуа бызшәеи алитературеи амаҭәар аҳәынҭқарра аҟнытә ҷыдала адгылара шамоу ашьақәырӷәӷәаразы" — ҳәа лҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.
Аԥсны акультура аминистри Нижегородтәи аобласт акультура аминистри афестиваль "Абарҵақәа рмузыка" Аԥсны амҩаԥгаразы иҟоу алшарақәа иалацәажәеит.Аиԥылара мҩаԥысит аԥсуа делегациа Нижни Новгород рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, дара "Росатом" аԥҵеижьҭеи 80 шықәса ахыҵра аныҳәа иалахәын, абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра.
Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит нанҳәамза 21 рзы.Аӡы аанкылоуп асааҭ 10:00 инаркны 20:00 рҟынӡа Гочуа, Аланаа, Аваинахцәа, Аҟабардақәа рымҩақәа рҟны, иара убас аџьармыкьа иахьаҵанакуа ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".Ақалақь агәы аҟны аӡы анеира амчхара маҷзаауеит.