Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапы аҵариҩуеит атауар ахәаахәҭра арежим азы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра. Аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩреи иақәшаҳаҭхеит Аминистрцәа реилазаара. Аиқәшаҳаҭра ихадоу пунктны иҟалоит ҭагылазаашьақәак рҿы атауарқәа атәыла ралагалареи ралгареи рзы аҳазатә баџьқәа рҟынтәи ахақәиҭтәра."Аԥсны иҭрыжьуа атауар Аахыҵ Уаԥстәылаҟа ирышьҭуазар, Аԥснытәи аџьармыкьа еиԥшҵәҟьа уи азы уа аџьармыкьа аартхоит", — ҳәа азгәеиҭеит аекономика аминистр Ҭеимураз Миквабиа.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнырӷәӷәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа есымза 6000 мааҭ рзацҵазарц. Аԥсахрақәа амч роуеит 2025 шықәса цәыббра акы инаркны. "Ауалафахәы ацҵарала даара ацхыраара ҳауеит ашколқәа рахь арҵаҩцәа ҿарацәа радыԥхьалареи аԥсуа бызшәеи алитературеи амаҭәар аҳәынҭқарра аҟнытә ҷыдала адгылара шамоу ашьақәырӷәӷәаразы", -лҳәеит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба ишазгәеиҭаз ала, ари аӡбара арҵаҩцәа русура агәазҭаҵареи аҵараиурҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа арҵара астатус ашьҭыхреи ирызкуп.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы Аҟәатәи абааш ахь абилеҭқәа рыхәқәа шьақәдырӷәӷәеит. Аҳәынҭқарратә аҭоурых-архитектуратә музеи-ҳәырԥсарра "Аҟәатәи абааш" аҭаара ҳәаақәҵахоит абарҭ ахәԥсақәа рыла:▫️Аԥсны атәылауаа - хәыда-ԥсада▫️Адуцәа рзы - 200 мааҭ,▫️12 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа - хәыда-ԥсада,▫️Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи – хәыда-ԥсада.
Аԥсны аҳәааҿы ҩ-нызқь инареиҳаны изакәанымыз аҭаҭынаалыҵ ааныркылеит.Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа иҟанаҵаз адыррақәа рыла, агәаҭаратә пункт «Адлер» аусзуҩцәа амашьына ВАЗ 21074 абагажтә ҭыԥ аҿы иҭаз агазбаллон аҟны 1140 паҷка FRESHPAK KING асигарет амарка рыԥшааит, асигарет FRESHPAK KING 950 паҷка амашьына "ВАЗ 211440" аҿы ирбеит. Урҭ Урыстәылаҟа риагара рҽазыршәон.Аалыҵқәа зегьы урыстәылатәи акцизтә маркақәеи ихымԥадатәиу адыргақәеи рымамызт.Асигарети амашьынақәеи рымхуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Асахьаҭыхҩы Александр Семенцов иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа. Аекспозициа асахьаҭыхыҩ "Аҟәатәи иаамҭа" иазкуп, 1970-80 шықәсқәа рзы иаԥҵаз иусумҭақәа ӡыргоуп — Аԥсны апеизажқәа, аграфика, аофортқәа, алашареи аԥхарреи рыла иҭәу амҩақәа рцәаарақәа.Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп аофорт атехника — ари Семенцов инапкымҭақәа рҷыдароуп, уи ала иара усҟантәи ашықәсқәа рзы иҟаз аамҭақәа рааԥшра илшон. Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит The Wall gallery аҿы, есыҽны асааҭ 9:30 инаркны 21:00 рҟынӡа, иаартызаауеит — цәыббра 14 рҟынӡа. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.