Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥснытәи амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рхархәаразы ргәаҭара мҩаԥган. Агәаҭарақәа мҩаԥыргеит аҳәынҭқарратә наркодиспансер аусзуҩцәа. Дара анаркотикқәа рыхкқәа зегьы раарԥшразы алшара рымоуп ҳәа аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура. Амиграциатә маҵзура аиҳабы Саид Ҵнариа арҭ агәаҭарақәа хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит, иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус зуа зегьы лыҵшәабзиала рнапынҵақәа рынагӡаразы дара "цқьазароуп".
Агәыҳалалреи ауаҩы изинқәеи ирызку азҵаарақәа ирылацәажәеит Аҟәа. Аԥсуа-аурыс ртәылауаҩратә уаажәларра рхаҭарнакцәа, ауаҩзинхьчаҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи иҳәынҭқарратәым акоммерциатә еиҿкаара (НКО) раԥшьгарақәа ирылацәажәеит — ахәыҷы чымазаҩ дызмоу аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара, ахамыхәацәа ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара, абри атәы аанацҳауеит Россотрудничество.
Аҟәа ақалақь Арӡынба имҩа ахәҭак аркхоит нанҳәа 24 рзы. Леони Арӡынбеи рымҩақәа реихысырҭаҿы аамҭала аныҟәара аанкылахоит, уи амҩахәҭаҿы акаҭран ашьҭаҵареи, иԥсабаратәым аанкылага ашьақәыргылареи, ашьаҟауаа рзы аиасратә ҭыԥ аиҿкаареи ирыхҟьаны, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара. "Ари аусмҩаԥгатә аҵара аҽазыҟаҵара иадҳәалоуп. Амҩа аркызаауеит шьыбжьагәынӡа", — иҳәеит Аҟәа ахадара амҩатә шәарҭадара аиҿкаара Адепартамент аиҳабы Ҭемыр Абӷаџь. Уи иажәақәа рыла, абри аҽны ахыкәшаратә ныҟәара Гәлиа имҩаду ала мҩаԥыслоит.
Аԥснытәи ахәыҷқәа Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум рхы аладырхәит. Апрограмма шьақәгылоуп 160 инареиҳаны усмҩаԥгатә рыла: аҟазаратә-классқәа, алекциақәа, аконцертқәа, аиԥыларақәа, аиҿцәажәарақәа, аекскурсиақәа. Азыҟаҵарақәа арҿиаратә хырхарҭақәа фба рыла имҩаԥысуеит ҳәа аанацҳауеит акультура аминистрра. Афорум актәи амш аҽны Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа астудент Елизавета Хышԥҳа "Маитәи авальс" ашәа налыгӡеит, лықәгылара лыцмҩаԥнагеит Урыстәыла жәлар рартист Сергеи Жилин напхгара зиҭо аоркестр "Фонограф".