Аԥсны асоциологиатә ҭҵаарақәа: ауниверситет алабораториа анапхгаҩы иҿцәажәара

Sputnik
Агәамсами ацрыҵқәеи аус рыдулара — Аԥсны аекологиатә проблема хадақәа иреиуоуп. Абас иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети (ААУ) Москватәи аҳәынҭқарратә университети (МАУ) еицымҩаԥыргаз асоциологиатә ҭҵаара иалахәыз 60% ареспондентцәа ргәаанагара. "Аԥсны аекологиа: ԥхьаҟатәи аԥеиԥш" захьӡу аҭҵаара алҵшәақәа рыла, атәыла ауааԥсыра еиҳа ргәы иҵхо азҵаарақәа инадыркны, аҩҵараиурҭак русура аиҿкаашьеи алҵшәақәеи, аҭҵаарақәа ахьымҩаԥыргахьо ахырхарҭақәеи, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ААУ Асоциалогиатә ҭҵаарақәа рлабороториа анапхгаҩы Беслан Ҳагба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.