14 шықәса инаркны 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 39-ҩык Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Санкт-Петербург "Ауниверситеттә сменақәа" апрограмма иалахәуп. Ари апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны дара аҳәынҭқарратә абнатехникатә университет иаҭааит. Иарбан лшарақәоу ирнаҭо ари апрограмма,уи анаҩсгьы иарбан усмҩаԥгатәқәоу ирзеиҿаахо, шаҟа мшы имҩаԥысуа, насгьы Аԥснытәи ашколхәыҷкәа рымацара роума ари аҵарадырратә проект иалахәу, арадио Sputnik Абартқәа дҳазрылацәажәаразы ҳаҽимаадеит ашколхәыҷкәа напхгара рызҭо Тҟәарчал араион аҵарадырра аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даниил Какәылиа.