Очамчыратәи ашкол - интернат аҵарашықәс азхиара: аиҳаб ҿыц лцәажәара

Sputnik
Очамчыратәи ашкол – интернат аҵарашықәс ҿыц иабанӡазхиоу, ишԥеиҿкаау уаҟа аҵаратә процесс, сынтәа шаҟаҩы ахәыҷқәа аднакыло, насгьы иҟоума егьырҭ ашколқәа рҟынтә аинтернат ахь ииасуа, арҵага шәҟәқәа рыла иабанӡеиқәшәоу, ашколтә библиотека абанӡахарҭәаау, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит мышқәак раԥхьа Очамчыратәи ашкол- интернат анапхгаҩ ҿыцс иаиуз Асҭанда Ҷолокәуаԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.