Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҟәа алаларҭаҿы аремонттә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. "Уажәтәи аамҭазы 120 метра амҩақәҵа ԥсахуп, 380 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс шьҭаҵоуп. Ашьаҟауаа ршәарҭадаразы зҿыгҳара ҳараку ацәхыԥ ҿыцқәа ргылоуп", — иҳәеит "Ақалақьргыларапроект" анапхгаҩы Асҭамыр Ԥиԥиа. Аусурақәа Ажәытә ҳаблахь ахаҵәирҭа аганахь иацҵахоит: араҟа ашьаҟамҩа аиҿкаареи алашарбагашьаҟақәа рыԥсахреи азԥхьагәаҭоуп. Шьапыла ицо ауаа рзы уажә иҟоу аихатә гәараанда аҭыԥан аҵиаақәа еиҭаҳахоит. Иара убас, ақалақь алаларҭаҿ адәы аиҭашьақәыргыларазы апроект азырхиара иаҿуп. Анагӡара 2026 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп.
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсни Нижни Новгородтәи аобласти русеицура иалацәажәеит. Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Аиба, иара убас Нижни Новгородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Олег Беркович напхгара зиҭо аделегациа ҳәа аарыцҳаит ахада ипресс-маҵзураҟынтәи.
Аицлабра "Амедиа ҿыцқәа" алахәхаразы 300 рҟынӡа арзаҳалқәа аларҵахьеит Аԥсны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит урыстәылатәи аҵаратә программа "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец."Ҳара иаҳбоит ҭыԥк ахь хәҩык иреиҵамкәа аконкурс шыҟоу, ҳгәанала, иҵегьы еиҳахоит. Ауниверситетқәа зегьы ас еиԥш иҟоу аконкуренциа иалаҽхәар рылшом", — ҳәа азгәалҭеит лара. Аблец илҳәеит азыҳәақәа макьана аҵыхәтәанӡа ишыԥхьаӡам, уи адагьы, алахәылацәа реиуеиԥшымра инамаданы, ареспублика амедиа-сфера акыр арҿиара зылшо иӷәӷәоу, аинтерес зҵоу агәыԥ аԥҵахар ҟалоит ҳәа.
Гагра ақалақь аҿы амҩатә машәыр иахҟьаны 22-ҩык аахақәа роуит. Амашәыр ҟалеит нанҳәамза 26 ахәылбыҽха, Гагра ақалақь ахыкәшарҭатә мҩаду аҿы ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Уи иажәақәа рыла, ҩыџьа адуқәеи ҩыџьа ахәыҷқәеи еиуеиԥшым абаҩԥҵәарақәа роуит. Урҭ рыԥсҭазаара шәарҭаӡам. Егьырҭ 18-ҩык аҳақьымцәа ацхыраара рырҭан, анаҩс рыҩныҟа иоурышьҭит.