Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы амонументалтә ҟазаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит.Акомиссиа ихадоу ԥшь-зҵаарак ирылацәажәеит:▫️Ешыртәи абжьаратәи ашкол ахыбраҿы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориалтә ӷәы ашьақәыргылара,▫️Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа ашьақәыргылареи Аҟәа ақалақь аҿы ихьӡ зху ашҭа арҽеиреи,▫️ Гал ашьаҭаркҩы Ҭлабӷан Қьецба ибаҟа ашьақәыргылара,▫️Афон Ҿыц апарк хадаҿы Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ибиуст ашьақәыргылара.Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Акультура аминистрра анапы ианҵоуп апоет ибиуст иреиӷьу апроект азы аицлабра рыланаҳәарц.
Аҟәа ақалақь аинфраструктура аиӷьтәреи ауааԥсыра рзы аманшәалара аизырҳареи ирызку азҵаарақәа ирылацәажәеит аҳҭнықалақь ахадараҿы.Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба агәамсам ақәгареи, ӡыла аиқәыршәареи, аҵеџь ҿыцқәа рыжреи, иара убас аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи адгылара зырҭаз аԥшаҳәеи асқьалеи реиҭашьақәыргыларазы апроектқәа рынагӡаразы аусурақәеи рырӷәӷәаразы анапынҵа ҟаиҵеит.Иара убас, анхарҭа-коммуналтә нхамҩаз ашәахтәқәа реизгара ахылаԥшра арӷәӷәаразы адҵа ҟаҵан.
Аԥсны Санкт-Петербург имҩаԥысуа аҿар рфорум "Ладога" иалахәуп.Аусмҩаԥгатә еиднакылеит 400-ҩык инареиҳаны астудентцәеи, арҵаҩцәеи, аволонтиорцәеи ҳәа аанацҳауеит Аспортҳәынҭеилакы.Аделегатцәа Аԥсадгьыл афырхацәа ирызку аквестқәа, аҵаратә проектқәа, Донбасси арегион ҿыцқәеи рбиблиотекақәа рзы ашәҟәқәа реизгара хықәкны измоу акциа "Ладога аҟынтәи аԥхарра" аздырхиоит.
Аҟәа ахәҭак лашарада иҟазаауеит цәыббрамза 3 рзы.Авольтҳарак цәаҳәақәа "Кьалашәыри" "Маҷареи" рҟны имҩаԥгахо арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 05:30 инаркны 07:00 рҟынӡа астанциамаҷ "Синоп" аҿыхзаауеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрра.
"Аԥсни" "Чертановои" даҽа знык еицыхәмаруеит цәыббрамза 7 рзы.Ахәмарра иалагоит асааҭ 17:30 рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь астадион "Москвич" аҿы.Аԥснытәи акоманда раԥхьаӡа акәны Урыстәылатәи Амедиалигаҿы иқәгылеит нанҳәамза 30 рзы.Ахәмарра Аҟәа ақалақь астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит 0:3 ҳәа "Чертаново" аиааирала.