Аҟәа иауз ақәаршҩы иахҟьаны аҳҭнықалақь амаҵзурақәа зегьы русура рӷәӷәоуп. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа ақалақь иалсны игәарҭоит, амҩадуқәеи ашҭақәеи рҿы иҟоу аҭагылазаашьа иацклаԥшуеит. Аҭыԥқәа рҿы аус руеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнакцәа, афымцамч аусзуҩцәа. Шьыжьнаҵы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аԥыхразы рнапы злаку ҳзеиҭеиҳәоит "Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа араион афилиал аиҳабы Даур Ҷыҭанаа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.