Аԥсны амшқәа зеиԥшрахо: аҳагәаҭаҩ лыҿцәажәара

Sputnik
Асас
Аекологиеи аԥсабара ахархәареи рзы Аҳәынҭеилакы аҳауагәаҭара аҟәша аиҳабы Лариса Ахԥҳа
Иааиуа амшқәа рзы Аԥсны амш ҭышәынтәалахом ҳәа аарыцҳауеит аҳауагәаҭаҩцәа. Ареспубликаҿы илеиз ақәаршҩы атәыла Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахылаз атмосфератә фронт хьшәашәа иадҳәалоуп. Убри аан иахьатәи алышәшәақәа џьашьатәӡам ҳәа азгәарҭоит аспециалистцәа. Иаанагома амш бзиақәа абриала ихыркәшоуп ҳәа, изеиԥшрахои ҭагалан, атәылаҿы ишьақәгылаз аҳауа аҭагылазаашьа далацәажәеит Аекологиеи аԥсабара ахархәареи рзы Аҳәынҭеилакы аҳауагәаҭара аҟәша аиҳабы Лариса Ахԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.