Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу еидҵоу акультурақәа XI Жәларбжьаратәи рфорум ахы аланархәуеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп акультура аминистр Даур Ақаҩба, уи ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа, Аԥсуа театр аиҳабы Хьыбла Мықәԥҳа ҳәа аанацҳауеит акультура аминистрра. Афорум апрограммаҿы иазгәаҭоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин дызлахәу апленартә еилатәара, атематикатә еилацәажәарақәа, акультуратә инициативақәа рӡыргара, иара убас Урыстәыла Аиҳабыра ахада ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова дызлаху ахыркәшаратә еилатәара.
Урыстәылатәи абиржақәа рҿы анефтаалыҵқәа рыхәԥса ашьҭыҵра иахҟьаны Аԥсны абылтәы ахәԥса шьҭыхуп иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. Иара иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә аахәара ахә ареспубликаҿы абензин ахә ашьақәыргылараан ихадоу факторуп. Иара убасгьы мзызс иҟоуп алогистикатә уадаҩрақәеи аидара адәықәҵареи. Аминистр иазгәеиҭеит, ахәқәа рышьҭыҵра аџьармыкьатә процесс шакәу, иара убасгьы агәра диргеит аусбарҭа аҭагылазаашьа ахылаԥшра шанаҭо. Ихадоу усны иҟоуп атәыла еиԥҟьарада былтәыла аиқәыршәара.
Знык ала афымцамч азы ауал ззымшәо абонентцәа рҭагылазаашьа армариаразы ашәҟәы хадырҭәаар рылшоит ихәеит арадио Sputnik аефир аҿы "Амшынеиқәафымцамч" аҭирақәа русбарҭа аиҳабы Саид Блабба. Уи азы ауал зегьы аҟынтәи 30% ашәара хымԥадатәиуп, иаанхаз еихшаны ишәахар ауеит, уи аамҭала шықәсык аҟынӡа инаӡар алшоит, ауал зеиԥшроу иахәаԥшны. "Аӡәырҩы ари аҭагылазаашьа рхы иадырхәахьеит. Ҳахәаԥшып, урҭ арҭи аԥҟара шынарыгӡо. Ахыдҵақәа еиларго иалагар, асанкциақәа рыдыркылоит", — ҳәа азгәеиҭеит Блабба. Изымшәо рылашара аҿырхуеит, анаҩс ауал иазхьамԥшуа рус аӡбарҭа иаҭахоит.
Абыржәтәи аамҭазы Аԥсны агрипп зыхьуа рацәаҩуп, иҟоуп аковид зыхьуагьы, аха урҭ иаҳа имаҷуп, сара мышкы 30-ҩык рҟынӡа игәасҭоит лҳәеит арадио Sputnik аҟны Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа. Арҷелиаԥҳа лажәақәа рыла, COVID ашьҭахь ҳтәылаҿы ирацәаҩхеит арыԥҳачымазара, аԥскра, аллергиа, агәачымазара зыхьуа. "Мышкы сара срыхәаԥшуеит 30-ҩык рҟынӡа, урт рҟынтәи аиҳараҩык зшоура халыз, зыхәда зыхьуа, зԥынҵа еихачу роуп. Асезонтә чымазарақәа аныҟоу ахыхьчара аҭахуп", — лҳәеит атерапевт хада.