Ихадоу атемақәа

Sputnik
Урыстәыла Аԥсни, Белоруссиеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи аус рыцызуа атуроператорцәа рганахь ала афинанстә ҭахрақәа цәыббра 1 инаркны идырмаҷит. Арҭ атәылақәа рахь аныҟәарақәа мҩаԥызго аилахәырақәа ихадырҭәаар рылшоит уаанӡатәи 50 миллион мааҭ рҭыԥан 500 нызқь мааҭ рҟынӡа афинансттә шьақәырӷәӷәара. Иара убас, хаҭалатәи аҭакԥхықәратә фондқәа рахь алагалақәа ршәаразы ауалԥшьа аԥыххоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра. Ари атурқәа рыхәԥса аиҵатәра иацхраауеит, убасгьы атуристтә дгаларақәа рырҭбаара алнаршоит, убри аан аԥгаԥса аҟазаареи аҭагылазаашьа хьанҭақәа раан ацхыраара аҟаҵареи хымԥадатәины иаанхоит.
Аҟәа дыргәаладыршәеит 30 шықәса раԥхьа хымӡаахла иҭархаз, иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩы Иури Воронов. Аусмҩаԥгатә иалахәын аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент адепутатцәа, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба, аҵарауаа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа. "Иури Николаи-иԥа Воронов ҳҳәынҭқарраҿ ихьӡ наунагӡа иҟазаауеит, ихьӡ зху ашкол ыҟоуп, амҩаду ыҟоуп, аҳәынҭқарратә университет аҿы астепендиа ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Иракли Хынҭәба ихы алаирхәит Санкт-Петербург имҩаԥысуа еидҵоу акультурақәа XI Жәларбжьаратәи рфорум. Иара атеатр абиԥарақәа акультуратәи адоуҳатә-моралтәи беиарақәеи рымдараҿы иааннакыло аҭыԥ иазкны "Абиԥарақәа реимадара. Ҭаацәала атеатр ахь" аицәажәараҿы дықәгылеит ҳәа аанацҳауеит РУСДРАМ. Хынҭәба дазааҭгылеит 1992-1993 шықәсазтәи аибашьра ашьҭахь Аԥсны ахәаԥшцәа ркультура аиҭашьақәыргылара атема. Далацәажәеит ахәыҷтәы театртә студиа аусура алагара, ашколхәыҷқәа ирызку апроектқәа, аурыс театрқәа аус рыцура, абиԥарақәа реимадареи атеатралтә традициақәеи реиқәырхара иацхраауа аурыс театр амузеи Аԥсны аԥҵара.
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" ахылаԥшратә хеилак аилазаара шьақәырӷәӷәоуп.Уи иалахәуп аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, анаплакҩы Валери Кьырҭбаиа, ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Роман Дбар. Ахеилак аицлабра аобиективреи аилыккареи ирхылаԥшуеит, ихьыԥшым ауаажәларратә хәшьара аиқәыршәара еиҿнакаауеит.