Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Санкт-Петербург имҩаԥысуа еидҵоу акультурақәа рфорум аҿы. Ари аиқәшаҳаҭра акультуратә еимадареи атәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рзы амҩа ҿыцқәа аанартуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра. Уи адагьы, Ақаҩба афорум апленартә еилатәараҿы дықәгылеит. Уаҟа иазгәеиҭеит, Урыстәыла адгылара ала Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҭашьақәыргылара шхыркәшахаз, Аҟәа ишаатыз "Аиааира акино" ацәыргақәҵа, нанҳәамзазы Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс театр аҿы аусура ишалагаз, Бахрушинтәи амузеии дареи еицырзеиԥшу апроект ала атеатралтә музеи.
Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа 50-ҩык инареиҳаны анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыларазы агәаҭарақәа ирхысит. Агәаҭарақәа мҩаԥысит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы, анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшраз аусбарҭ ахылаԥшралеи, насгьы ареспубликатә анаркодиспансер аҟынтәи аспециалистцәа алархәны ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ргәаҭарақәа мҩаԥысуеит атәыла ахада Бадра Гәынба инапынҵала, уи иахысроуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны аус зуа зегьы.
Аԥсны Атуризм аминистрраҿы имҩаԥысит аицлабра "Аԥсны акадр аҿы" акомиссиа аилатәара. Акомиссиа алахәылацәа алацәажәеит аусура аиҿкаара, аицлабрахь иалахәу аусумҭақәа ралхреи ахәшьара рыҭареи рымҩаԥгара азҵаарақәа, иара убасгьы ишьақәдырӷәӷәеит аилатәарақәа анымҩаԥырго арыцхәқәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Аицлабра хацыркын нанҳәа 18 рзы, арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббра 15 рҟынӡа.
Ақыҭа Ӡыгәҭа иалсуа амҩа Синоптәи аҩхаа амашьынақәа рныҟәара еиҭашьақәыргылоуп. Цәыббра 9 рзы иауз ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны амҩадуқәеи ацҳахь уназго амҩеи аӡы иқәнаӡәӡәааит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа араион апресс-маҵзура. Амшцәгьа Аԥсны агәҭантәи ахәҭа ааха ду азаанагеит. Аԥхасҭа роуит амҩақәа, аӡымҩангагақәа, аӡыцрыҵтә системақәа, Аҟәа ақалақь аҿы шәкы инареиҳаны ахаҭалатәи аҩнқәеи анхарҭа уадақәеи аӡы рыҩналеит.