Анацәа реимадара: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рҭаацәа Чечентәыла иҟан

Sputnik
Аԥсны анацәа рхеилак аҟәатәи аҟәша ахаҭарнакцәа Чечентәыла Ареспублика иаҭааны иҟан. Дара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз ранацәа ирԥылеит. Аиааира амш аламҭалазы Анацәа рхеилак ахаҭарнакцәа имҩаԥыргаз аныҟәара аихшьаалақәа ҟарҵеит астудиаҟны Феруза Қаԥбеи Аза Гәымбеи.
Шәазыӡырҩы аицәажәара.