Академик Сергеи Бебиа иқәраныҳәоуп иахьа: аҵарауаҩ-абиолог иҿцәажәара

Sputnik
Аҵарауаҩ-абиолог, абнаҭҵааҩы, апрофессор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны иреиҳаӡоу ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аботаника аинститут аҵиаақәа ринтродукциа аҟәша аиҳабы, ААУ "Абнанхамҩеи аботаникеи" ркафедра аиҳабы, Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Сергеи Михаил-иԥа Бебиа иқәраныҳәоуп иахьа, 85 шықәса ихыҵит.
Аиубелиар ицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.