Аҿар ауажәларра-патриоттә рааӡара аганахьала аусеицуреи аветеранцәа рыцхыраара аԥышәа аимдареи ирылацәажәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәыла ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәеи ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Бигәаа идикылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа ауаажәларратә проектқәа рзы ауаажәларра-патриоттә проектқәа рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Павел Рыжинскии, аибашьра аветеран, арратә операциа ҷыда аветеранцәа р-Ассоциациа ахаҭарнак Александр Уриупини. Урыстәылантәи иааз аветеранцәа аҭыԥантәи аветеранцәеи дареи реиԥылареи, иара убас Аԥсны араионқәа рҭаареи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟақәа рҿы ашәҭқәа рышьҭаҵареи азгәаҭаны ирымоуп.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ахь аҽҭаҩразы иҵыхәтәантәи мшуп иахьа. Асаит abkhazmedia.org ахь арзаҳал анашьҭреи анкета ахарҭәаареи ҟалоит асааҭ 00:00 рҟынӡа. Аицлабра еиуеиԥшым ақәрақәа ирыҵанакуа ажурналистцәеи, аблогерцәеи, апродиусерцәеи, асценаристцәеи, арежиссиорцәеи, апресс-маӡаныҟәгаҩцәеи ирызкуп. Афиналистцәа рԥышәеизырҳаразы алшара роуеит, аиааира згаз — рпроектқәа ахацыркразы адгылара роуеит.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыԥсшьарамшқәа рышьҭахь раԥхьатәи аусуратә еилатәара мҩаԥыргеит. Адепутатцәа алацәажәеит иааиуа ҭагалантәи асессиа аилатәарақәа рҿы азакәанԥҵарақәа рыхәаԥшра иадҳәалоу азҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь Аиааира апроспект аҿы иҟоу 24 хыбра амцацәыхьчара аԥҟарақәа еилаганы русура азы ахараԥса рықәҵахоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрра апресс-маҵзура. Аҳәынҭқарратә амцацәыхьчаратә усбарҭа ареспублика аҳҭнықалақь аҿы иазгәаҭамыз агәаҭарақәа мҩаԥнагеит. Иааидкыланы атехникатә гәаҭара мҩаԥган аобиектқәа 74 рҟны. Амцацәыхьчаратә ԥҟарақәа реилагара хадақәа иреиуоуп амцарцәаратә еиқәыршәагақәа рыҟамзаара, амцацәыхьчаратә гәҽанҵарақәа, афымцатә еиқәыршәагақәа рышьақәыргылара ҳәа иазгәарҭеит аусбарҭаҟны.