Аҟәа ақалақь аҿы Апатырқалтә мҩаду азы аландшафттә проект аконцепциа аԥҵаразы аицлабра рылаҳәоуп. Апроект анагӡара азгәаҭоуп Џьанашьиа имҩаҟны. Уи алахәхаразы амҩадуқәа рыиаҵәареи ақалақь адизаин аелементқәеи рзеиԥш концепциак адгылара аҭахуп, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсны акоманда". Арзаҳалқәа рыдыркылалоит жьҭаарамза 5 рҟынӡа. Аицлабра мҩаԥнагоит аҳҭнықалақь ахадара, ААУ, агәыԥ "Акомфорти ашәарҭадареи", "Аԥсны акоманда".
Аԥсны аспортсменцәа ирыҭахо есымзатәи ашәарақәа — гәазҭаҵагоуп, раԥхьаҟа иҵегь аихьӡарақәа аарԥшразы ргәацԥыҳәара иацхраалоит, абас иҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа. Карчаа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аспортсменцәа ралԥшаара шымҩаԥысуаз. "Аҳәынҭқарра ахада адҵа анҳаиҭа аус напы аҳаркит. Сынтәа апрограмма 41-ҩык алахәуп, ҽааны урҭ асиақәа ҳаиҭарыхәаԥшуеит. Мызкахьы 10 нызқь мааҭ инаркны 30 нызқь мааҭ рҟынӡа ишьақәгылоуп, уи аспортсменцәа реихьӡарақәа инарықәыршәаны", — иҳәеит Карчаа.
Аԥснынтәи аҿар 42-а уаҵәы амҩа иқәлоит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль ахь, уи цәыббра 17 инаркны 21 рҟынӡа Нижни Новгород имҩаԥысраны иҟоуп, абри атәы иҳәеит Аҳәынҭспортеилакы аҟны аҿар рыҟәша аиҳабы Беслан Аршба. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба напхгара зиҭо аделегациа иалазаауеит 18-35 шықәса зхыҵуа аҿарацәа, иара убас зықәра наӡам ҩыџьа. "Апрограмма беиуоп. Аҿар аинтерактивтә усмҩаԥгатәқәа рзыԥшуп, уаҟа иқәгылоит Урыстәыла иреихьӡоу аҟазацәа. Афестиваль ахырхарҭақәа рыла еиҩшоуп: амедиа, IT, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, анаплакра, аҳәынҭқарратә напхгараҭара", — ҳәа азгәеиҭеит Аршба.
Гагра араион Ҳашԥсы ақыҭан амҩатә машәыр ҟалеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба. Амҩатә машәыр ҟалеит арныҟәцаҩ амашьына аԥсҟы ахьизнымкылаз иахҟьаны. Амашьына амҩа ианыҵны ажра иҭаҳаит. Арныҟәцаҩ ида амашьына даҽа ԥшьҩык апассаџьырцәа ҭатәан, дара зегьы ааха ӷәӷәа ҳәа акгьы рмоуӡеит иҳәеит Базба. Уи аԥхьа Аԥсны АҶА Урыстәылантәи атуристцәа аахақәа рыманы ахәышәтәырҭахь инагоуп ҳәа адырра ҟарҵахьан.