Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны атәылахьчара аминистрраҿы акомандаҟаҵара-аштабтә зыҟаҵарақәа ирылагеит. Азыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, акомандирцәеи аштабқәеи ҳаамҭазтәи аԥышәа хшыҩзышьҭра аҭаны, аибашьра иазааигәоу аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны, амчрақәеи ахархәагақәеи рнапхгаразы апрактикатә дыррақәа аус рыдырулоит ҳәа аанацҳауеит Адәылахьчара аминистрра.Иара убасгьы, Атәылахьчара аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы, аԥшыхәратәи аԥырҩы дызҭам ахархәагқәеи адԥхьаланы ахысрақәа мҩаԥгахоит.
Аԥсны аҵара аминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит ареспублика аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет аректор инапынҵақәа назыгӡо Татиана Шабзыхәи. Аганқәа еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа рзы амҩақәҵагатә хсаала иалацәажәеит.
Кәтол ақыҭан Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вахтанг Гәаланӡиа ибаҟа аадыртит. Агәалашәаратә усмҩаԥгатә ахь инеиз ауаа рацәаҩын – иҩызцәа аибашьцәа, Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟаз Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа. Ақыҭа ахада Алиас Гәаланӡиа еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иазгәеиҭеит, абаҟа аргылара шалыршахаз ақыҭа ауааԥсыра раԥшьгареи рыцхыраареи иабзоураны. "Зегьы ишыжәдыруеиԥш, Вахтанг Гәаланӡиа ажәлар даара дырзааигәан, ирацәаҩны дрыцхраахьан. Аибашьраан иԥсадгьыл азы иҟаиҵаз рацәоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ацәыргақәҵа "Москва – Аҟәа. Азеиԥш шәышықәса аҟазара" Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы иаартызаауеит жьҭаарамза анҵәамҭанӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит агалереиа адиректор Сурам Сақаниа. Ацәыргақәҵа Амилаҭтә сахьатә галереиа абылрашьҭахьтәи аартра иақәыршәоуп. Уи азы Урыстәыла акультура аминистрра Москвеи Санкт-Петербурги рҟынтәи 28 усумҭақәа еизганы Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит. Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа аинтерес ду амоуп, убри аҟнытә аамҭа иацҵазарц рыӡбеит.