Цәыббрамза 16 1993 шықәсазы иалагеит ақырҭуа мпыҵахалаҩ иҟынтәи Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа. Иара цон 11 мшы. Ажәыларақәа х-хырхарҭак рыла иҟан: Ачадара-Лечкоп, Аҩадатәи, Алашарбагатәи.Ари аамҭа иалагӡаны аԥсуа ар акәылӡтехникеи, артиллериеи, авиациеи рыла еиқәных иҟаз ақырҭуа ар аҩбатәи арратә корпус еилаԥырххааит. Арҭ амшқәа рзы аԥсуа ар рыдҵа анагӡашьеи, аиааира ааигәазтәуаз аоперациа иацыз акәамаҵамарақәеи ртәы ААЕ аветеран игәалашәараҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.