17 шықәса раԥхьа Аԥсни Урыстәылеи аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.Аусшәҟәы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аиқәшаҳаҭра-азинтә шьаҭа ӷәӷәаны иҟалеит.Абри аиқәшаҳаҭра ашьаҭала игәрагоу, хра злоу аусеицура ҳәаақәызҵо шәкыла ҩганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵан.
Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Шәача жьҭаарамза 1 азы."Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иԥылара азгәаҭоуп жьҭаара 1 азы, иара убасгьы уи далахәхоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц", — иҳәеит аахыҵуаԥстәылатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев атәыла ахада Алан Гаглоев иԥылараан.Аиԥылараҟны тема хаданы иқәгылоуп ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи аусеицура иадҳәалоу ихадоу азҵаарақәа рылацәажәареи.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аҭыԥнҭыҵтәи аиԥылараҿы далацәажәеит Ажәытә ҳабла аинфраструктура аҭагылазаашьеи аиӷьтәреи рызҵаара. "Иааиуа амчыбжь инаркны анаплакы "Арҽеира" алагоит Наӡаӡе лымҩеи аҩнеихагылақәа иахьрыҵанакуа аҭыԥқәеи ррыцқьара, иара убас Ешбеи Наӡаӡеи рымҩақәа рҿы аҵлақәа ркаҿара.Убасгьы, Ажәытә ҳаблеи Аҳабла ҿыци рыбжьара ишиашоу атранспорттә еимадара аиҿкаара иалацәажәеит.Иара убасгьы Аҟәа ахадара Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҿы ахәмарҭатә ҭыԥқәа ҩба шьақәдыргылоит.
ААУ-и Нхыҵ Кавказтәи афедералтә университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ҿыц рыбжьарҵеит. «Ҳара аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит аҵаратә процесси аҭҵаарадырратә усура аиӷьтәреи рзы», —лҳәеит НКАУ аректор инапынҵақәа назыгӡо Татиана Шабзыхә. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа ишазгәеиҭаз ала, иааит аамҭа ҿыц, ицәырҵит ахшыҩҵак ҿыцқәа, ирҿыцу аиқәшаҳаҭра иалнаршоит аусеицура ахаҭабзиара аиӷьтәра
Астрахан дааныркылеит африкатәи ашпион.АШәМ излаанацҳауа ала, иара ақалақь аҿы иҟоу арратә ҭыԥқәа рзы адыррақәа Украинатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа ирзишьҭуан.Ишьақәырӷәӷәоуп аҳәаанырцәтәи ауаҩԥси Украина атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә усбарҭа Хада аусзуҩи амессенџьер Telegram ала рыҽшеимардаз, аимадара шрыбжьоу.Иҭаз адҵала, ацәгьауҩы Астрахан иҟоу арратә обиектқәеи акритикатә аинфраструктуреи рзы адыррақәа еизигон, анаҩс урҭ Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара иаԥырхаганы аҳәаанырцәтәи аԥшыхәратә усбарҭақәа рхы иадырхәаразы.Иаанкыло иганахь ала ашьауӷатә ус аартуп.
Цәыббра 9 рзы иҟаз амшцәгьақәа рышьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵоуп Мархьаул ақыҭа Камо амҩаду аҿы. 2300 метра ибжьанакыз амҩаду аҟны абӷанҷ ҭаԥсаны еиҟарартәит, уи амҩаду ахаҭабзиара акыр еиӷьнатәит ҳәа аанацҳауеит Гәылрыԥшь араион ахадара.Аусурақәа мҩаԥысуеит ақыҭа ахада Даур Дгебиа зхадараҿы дыҟоу ақыҭа ахадареи анхацәеи еицхырааны.