Ихадоу атемақәа

Sputnik
Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Шәача жьҭаарамза 1 азы."Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иԥылара азгәаҭоуп жьҭаара 1 азы, иара убасгьы уи далахәхоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц", — иҳәеит аахыҵуаԥстәылатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев атәыла ахада Алан Гаглоев иԥылараан.Аиԥылараҟны тема хаданы иқәгылоуп ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи аусеицура иадҳәалоу ихадоу азҵаарақәа рылацәажәареи.
Аԥснытәи аделегациа алахәуп Аладатәи Новгород иаатыз Адунеизегьтәи аҿар реизара афестиваль .Аилазаараҿы иҟоуп 18 шықәса зхыҵуа инаиркны 35 шықәсанӡа зхыҵуа 40-ҩык, иара убас ҩыџьа зықәра намӡац. Агәыԥ наԥхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.Аизара апрограмма аҿар рыҿиара ихадоу ахырхарҭақәа аҵанакуеит: амедиеи аԥҵаратә усхкқәеи, аҳәынҭқарратә напхгара, анаплакра, аспорт, аҭҵаареи аҵареи, аинформациатә технологиақәа.
2026 шықәса ажьырныҳәа 20 инаркны 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа Урыстәылантәи Аԥсны, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рцара алзыршо аусшәҟәқәа рсиа иалххоит аиразы аршаҳаҭга.Иарбоу аҽҳәаранӡа атәыла аанзыжьыз ахәыҷқәа роуп аиразы аршаҳаҭга ала Урыстәылаҟа ихынҳәыр зылшо ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аҭыԥнҭыҵтәи аиԥылараҿы далацәажәеит Ажәытә ҳабла аинфраструктура аҭагылазаашьеи аиӷьтәреи рызҵаара. "Иааиуа амчыбжь инаркны анаплакы "Арҽеира" алагоит Наӡаӡе лымҩеи аҩнеихагылақәа иахьрыҵанакуа аҭыԥқәеи ррыцқьара, иара убас Ешбеи Наӡаӡеи рымҩақәа рҿы аҵлақәа ркаҿара.Убасгьы, Ажәытә ҳаблеи Аҳабла ҿыци рыбжьара ишиашоу атранспорттә еимадара аиҿкаара иалацәажәеит.Иара убасгьы Аҟәа ахадара Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҿы ахәмарҭатә ҭыԥқәа ҩба шьақәдыргылоит.
Мархьаул ақыҭан амаининг хархәагақәа ааба рымхуп.Гәылрыԥшь араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа ирԥшааит акриптавалиута арҳагаҭә маругақәа ахьықәгылаз ҩ-ҭыԥк. Ешба имҩаду аҿы иҟоу Бессарион Булискериа иҩны аҿы аус зымуаз ф-маругак рыԥшааит, даҽа 2 аус зуаз ԥшаауп Аҟәатәи-арратә амҩаду аҿы иҟоу аҩны аҿы, дара итәуп Ашот Торосиан ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.Амаругақәа Аԥсны аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь идәықәҵоуп.
Хышықәса рышьҭахь аҳаирплан раԥхьатәи ареис Шереметиевонтәи Краснодар итәеит .Аԥырра мҩаԥнагеит "Аерофлот" аҳаирплан Airbus. Аԥырра аамҭа 3 сааҭи 35 минуҭи Краснодартәи аҳаирбаӷәаза аусура хацнаркит цәыббра 11 рзы — Иҷыдоу арратә аопрерациа ианалагаз аахыс.