Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Ҭаҭарсҭантәи аделегациеи акультуратә усеицура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит иацы. Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит шықәсарацәалатәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иамоу аҵакы, иҳәеит Аԥсны еснагь ишыргәалашәо аибашьреи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәеи раан Ҭаҭарсҭан иҟанаҵаз ацхыраара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.Ҭаҭарсҭан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Уасил Шаихразиев ҭабуп ҳәа реиҳәеит ирзыҟарҵаз адкылара бзиазы, иара убасгьы иазгәеиҭеит Ҭаҭарсҭан акультуратә усеицура аҿиареи, аҩ-республикак рҿы агастрольқәа реимдареи, афестивальқәеи афорумқәеи рымҩаԥгареи ишазҿлымҳау.
Урыстәыла — адәныҟатәи аԥышәарақәа шаныруагьы ԥхьаҟа ацара иаҿуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр Михаил Мишустин Москватәи X афинансттә форум аҿы. Шықәсырацәала ҳтәыла аекономикатә мҽхак аганахь ала Европаҿы аԥхьагылара ааннакылоит. Адунеи аҿы ҳара еснагь еиԥмырҟьарада аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы ҳаҟоуп иҳәеит урыстәыла аԥыза – министр .Урыстәыла аинвестициақәа радыԥхьалара аизҳара иазырхоу аусура мҩаԥысуеит, аекономикатә ԥыжәаратә усхкқәа рҿы аинвестициатә проектқәа рыдгылара амеханизмқәа аҿиара иаҿуп.
Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәхаразы 550 рзаҳал нашьҭуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект аҳәаақәҵаҩ, аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналист Артур Чакриан."Анаҩстәи ашьаҿахьы аиасразы, алахәылацәа ҩ-минуҭк рҟынӡа ицо авидео-қәгылара аздырхиароуп, уа рпроект, иалырхыз аусхкы аҿиаразы ргәаанагарақәа ртәы рҳәароуп, иара убасгьы амедиа аусхк аиӷьтәразы ргәаанагарақәа ҳацеиҩыршароуп",— иҳәеит иара.Ашьҭазааҩцәа ирызԥшуп Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа рыҿцәажәара. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп амедиаплатформа "Аԥснымедиа" анапхгаҩы Роберт Џьопуа.
Гагра араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит цәыббрамза иахьеи , уаҵәи, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрраҟны.Иахьа асааҭ 12:00 инаркны 14:00 рҟынӡа ирцәахоит астанциаеиҵа "Баӷрыԥсҭа".Уаҵәгьы абри аамҭазы иаҿыххоит астанциаеиҵақәа "Гьачрыԥшьи", "Цандрыԥшь-ахага". Алашара ҟалаӡом ацәаҳәа ррыцқьара иахҟьаны.
Лыхны ақыҭан 70 амаининг хархәагақәа ԥшаауп.Амаининг-ферма ыҟан аус зымуаз ахьча дызмоу афабрика аҵакыраҿы. Иааизакны амаруга амчхара 195 кВт⋅сааҭ иҟан ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.Нателла Лакәиа илтәыз амаругақәа ықәганы Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь инагоуп.