Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы атәылауаа ркатегориақәак рзы атәанчахәы еизырҳахарц азы ажәалагала ҟаиҵеит. Азакәан апроект аҿы иарбоуп - Аԥсны Афырхацәа, "Леон" иорден, "Агәымшәараз" амедал занашьоу ртәанчахәқәеи, иара убас аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсқәа рзы аибашьраҿы иҭахаз, иԥсыз рҭаацәеи иара убас хатәгәаԥхарала иеибашьуази урҭ рҭаацәеи ртәанчахәқәеи. Аԥаразоужьра Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахарџь ала имҩаԥгахоит. Арадио ефир аҿы ажәабжь ахҳәаа аиҭеит афонд ахантәаҩы.
Шәазыӡырҩы аицәажәара.