Арӡынба ихьӡала аҽыуаа рпарад: ауснагӡатә аиҿкааҩцәа иреиуоу лцәажәара

Sputnik
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку аҽыуаа рпаради аныҳәатә концерти мҩаԥысраны иҟоуп Гәдоуҭа цәыббрамза 19 рзы. Ауснагӡатәқәа шеиҿкаахо, иахьымҩаԥысуа, апарад иалахәхо аҽыбӷаҟазацәа ахьынтәааԥхьоу еиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Сергеи Дбар ихьӡ зху аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.