Ашәҟәыҩҩы Симонов Аҟәа дыргәаладыршәеит: Гәлиа имузеи аиҳабы лыҽцәажәара

Sputnik
Асовет шәҟәыҩҩы, апоет, Аԥсны аҩыза бзиа Константин Симонов диижьҭеи 110 шықәса аҵра инамаданы Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҿы арҭ амшқәа рзы имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аус ауан ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи ирҿиареи зныԥшуа афотоцәыргақәҵа. Симонов Аԥсны дшазыҟаз, аԥсуа литература апатриарх иҭаацәа дахьынӡарзааигәаз еиҭалҳәеит Дырмит Гәлиа иҩны- музеи аиҳабы Светлана Қорсаиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.