Аԥсны ҭагалан иазгәаҳҭо, итрадициа бзианы иааҳго аҽаҩраныҳәа аҟынӡа маҷк аанхеит. Сынтәа уи амш ҳәа иалкаахеит жьҭараамза 11. Аҽаҩраныҳәа агьама аҵаҵаны, ирԥшӡаны, аишәа нас уи акәшамыкәша ҷыдала архиара аицлбра ҳасабла имҩаԥысуеит. Изеиԥшроузеи гәдоуҭаа рҽаҩра, ирылаҳәоума ақыҭақәа ари амш аҽазырхиара алагара, ирыҭахоума араион ахадара аҟынтә цхыраарак, иазгәаҭоума аԥаратә ҳамҭа аиааира зго ақыҭазы, арадио Spunik аефир аҿы еиҭаиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарацхьиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.