Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵоит аӡынра аамҭазы атәылаҿы аенергетикатә проблема ҟамларц азы. “Аенергетикатә система ҳтәылазы реиҳа иҵару проблемоуп. Аха, аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба инапхгарала, афымцамч аусхк аҿы аусурақәа роптимизациеи афымцамч азымхара апроблема аиааиреи рзы аусдҵақәа ҟаҵоуп. Уажәнатә аӡынтәи аамҭазы адифицит аиҵатәразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, убри аҟнытә агәра ганы сыҟоуп ҳхықәкқәа рынагӡара шҳалшо", — азгәеиҭеит Владимир Делба, Цхьынвал имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекономикатә форум аан ТАСС иеиҭаз аинтервиу аҿы.
Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Нижни Новгород аиармарка Аҩны хада аҿы иаатит. Урыстәыла арегионқәа зегьы 120 тәылеи рҟынтәи 2000-ҩык инареиҳаны алахәылацәа арахь иааит. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин аиԥылара иалахәыз рахь ашәҟәы наишьҭит. Уи даԥхьеит аиҳабыра рхантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко.
Цәыббра 30 рзы — Аԥсны ԥсшьарамшуп. Ареспубликаҟны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа. Цәыббра 29, ашәахьаҽны — иркьаҿу усуратә мшуп. Уи аԥхьа Аԥсны аминистрцәа реилазаара абҵара 5 2024 шықәсазы ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны жьҭаара 1 азы ԥсшьарамшны ирылаҳәан. Аха, уи ашықәсан ԥхынҷкәын 26 рзы уи ақәҵара аԥыхын.
Акультура аминистрраҿы ирыдыркылеит Аҳәынҭқарратә ареспубликатә абаза драматә театр артистцәа. Акультура аминистр Даур Ақаҩба инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспубликаҿы атеатртә ҟазара аҿиареи алаҵәареи рҿы артистцәа рлагала шдуу, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Ратха Кунижевеи, Луиза Шереметовеи, Белла Ҭаҭаршао рҟазара ҳараки рус ахь рыбзиабареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, аҳаҭыртә бӷьыцқәа ранеишьеит.