Ихадоу атемақәа

Sputnik
Ацрыӡмҩангага аԥжәара ашьҭахь Аҟәа амшынҵакыраҿы апатогентә бактериақәа ҳәа акгьы аарԥшым, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ақалақь асанитар-епидемиологиатә станциа аҳақьым хада Лидиа Кураносова."Абактериологиатә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа иаадырԥшит аӡаҿы аинфекциа шыҟам. Амшын аҿы аҽыкәабара азин ыҟоуп", — лҳәеит лара.
Цәыббра 20 рзы иауз ақәаршҩы ӷәӷәа ахҟьаԥҟьақәа раҧыхра иалацәажәеит Аҟәа ахадараҿы имҩаԥгаз аилатәараҟны.Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иазгәеиҭеит еиҳарак ааха зауз Турбазеи Синопи рраионқәа шракәу."Ақырҭаа имҩаҿы аҵаргәаҭӡы еилаҳаит, Альбови Услари рымҩақәа рҿы аҵлақәа ркаҳареи амҩақәа рыԥхасҭахареи иахҟьаны анеирҭақәа аԥырхага роуит, аҵакырақәа аӡы рықәлеит. Синоптәи аиҩхааҿы, уаанӡатәи ақәаршыҩқәа рышьҭахь имҩаԥысуаз аусурақәа ирылҵшәаны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп", — иҳәеит иара. Ақалақь ахада Ҭемур Агрба аҩнусбарҭақәа реиҳабацәа ирыдиҵеит амшцәгьа рахҟьаҧҟьақәа раҧыхразы аҭыԥ аҿы русура дырӷәӷәарц.
Аекосистема Добро.рф апрограммақәа "Арҵара амаҵ азура" ӡырган Аҟәа.Атәылауаҩратә уаажәларра аҿиаразы Академиа "Добрино" аректор, Аидгыла Добро.рф ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ, Урыстәыла аҳәса Реидгыла ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Мариа Афонина лажәақәа рыла, аԥшьгамҭақәа ззырхоу — аԥсҭазааратә уадаҩрақәа ирҭагылоу ауаа рыцхраара иазыразу ауаа реидкылара ауп." Лара иазгәалҭеит, аиҿкаара "Кьараз" ашьаҭала Аԥсны ишаартхо ахатәгәаԥхаралатә платформа "Добро.рф" ацентр.Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа рӡыргара, аҟаза-иклассқәа, асеминарқәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп, иара убас аҵараиурҭақәа, ашколқәа, аколлеџьқәа реиҳабацәа рԥыларақәа.
Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанхоит цәыббрамза 23 рзы.АҲ "Мҵара" имҩаԥгахо аремонт-рҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 07:00 инаркны 08:30 рҟынӡа астанциаеиҵақәа "Мҵара", "Дәрыԥшь" аҿыхзаауеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аенергетика аминистрра.
Аԥснытәи аделегациа алахәуп Нхыҵ-Кавказтәи аҿар рфорум "Каспи".Аԥсны ахьӡала иқәгылоит 15-ҩык – Аҳәынҭспорттә еилаки Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рҟынтәи аспециалистцәеи астудентцәеи.Апрограмма ихадоу хә-хырхарҭак рыла ишьақәгылоуп: аҿар рпатриоттә ааӡара, Аиааира 80 шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны жәларбжьаратәи аусеицура, ахатәгәаԥхаралатә усура, ацифратә компетенциақәа рыҿиара, асоциалтә ҵакы змоу аԥшьгамҭақәа рылахәхара. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа, иара убас, аекспертцәеи дареи рырҵаратә сессиақәа, Каспиатәи амшын аԥшаҳәаҿы аспорттә усмҩаԥгатәқәа, аҟазаратә хәылԥазқәа рхы ыладырхәраны иҟоуп.