2026 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма 250 миллион мааҭ азоужьхоит, абри атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.Иара иажәақәа рыла, адокумент аус адулара хара имгакәа ихыркәшахоит. Афинанстә цхыраара 2025 шықәса иаҿырԥшны 100 миллион мааҭ рыла еизҳауеит.Иара убас, ақыҭанхамҩа аминистрра аграртә усхк аҿы аус зуа анхацәеи анаплакыҩцәеи ацхыраара рыҭаразы ажәалагалақәа аус рыдулара иаҿуп.Актәи шьаҿаны иҟалоит аҳәынҭқарратә цхыраара зҭахо рсиа шьақәзыргыло русшәҟәы аиқәыршәара.
Цәыббрамза 20 рзы иауз ақәаршҩы Очамчыра араион ақыҭақәа Ҭоумышьи Кындыӷи еимаздо ацҳа, Мықәи Кәтоли ацҳа хәыҷқәа аӡы иагеит, Аҭареи Ҷлоуи рымҩақәа аԥхасҭа роуит. Абри атәы иҳәеит Очамчыра араион ахада Алхас Кациа."Амшцәгьа ааха ӷәӷәа ҳнаҭеит. Ақыҭақәа жәпакы рҟны ацҳақәа агеит, амҩақәа ыҵнаӡәӡааит, иахьазы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа мҩаԥаҳгоит. Ҳамчқәа рыла, иҳалшо ала аусурақәа ҳарҿуп, иахьҳалымшо аҳәынҭқарра ҳацхраауеит", — иҳәеит Кациа.
Аԥсны акультура аминистр Сеул ақалақь аҿы аԥсуа-кореиатәи акультуратә Центр аартра далахәын.Ацентр ахықәкы хада – акультуратә усеицура арҿиареи, аҟазаратә ԥшьгамҭақәа, агуманитартә программақәа рыдгылара, Аԥсни Аладатәи Корееи рыбжьара аԥышәа аимдара, абри атәы аанацҳауеит акультура Аминистрра.Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит апарламент адепутатцәа, арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа, абизнес-еилазаара, аҭыԥантәи амассатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Ԥсҳәы ақыҭан ахәыҷыхәмарырҭа ҿыц аадыртит.Акапиталтә ргыларатә усбарҭа аспециалистцәа Аԥсны ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵала аргыларатә усурақәа нарыгӡеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа араион ахадара.Аҳәынҭқарра ахада ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы ақыҭа данаҭааз, ауааԥсыра ахәмарҭа аиҿкаараз аҳәара ирҭеит.Иахьатәи аамҭа иақәшәо ахәыҷтәы ԥсшьарҭа ҭыԥ рхы иадырхәар рылшоит 26-ҩык ашколхәыҷқәеи 15-ҩык ашкол иҭамлац ахәыҷқәеи.
Аԥснытәи автоеиԥхныҩлаҩ Дмитри Гәазаа Испаниа имҩаԥысуаз ачемпионат GT World Challenge Europe Sprint Cup аҿы хаҭалатәи азшьала аџьазтә медал игеит." Ари ачемпионат адунеи аҿы иреиӷьу аиԥхныҩлыҩцәа алахәуп", — абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Дмитри Гәазаа.Ԥшь-раундк рыла ишьақәгылаз ачемпионат аихшьаалақәа рыла, акоманда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.Ачемпионат аҿы аиааиҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа абҵарамза 22 рзы Венециа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.