"Уара ухьӡ ԥсрақәым": Sputnik Аԥсны аибашьра иазку апроект ҿыц ӡырнагеит

Sputnik
Лассы- лассы иаҳԥылоит абиԥарақәа аибашьраан иҭахаз рҭынхацәа, рабацәа, рабдуцәа, раб иашьцәа рыхьыӡқәа агәараҭаҿы ииз ахәыҷы ианихырҵо, уи ала ргәы анырҟажо аҭаацәарақәа. Ҳиааира сынтәа 32 шықәса ахыҵра амш ҳанаԥыло аламҭалаз Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иаԥшьнагеит апроект. Уи шаҟаҩык еиднакылода, ирацәаҩума ахьыӡ акамыршәраз згәакьацәа рыхьыӡқәа зыхны иԥшаау, ишԥазыҟоу дара иныҟәырго ахьыӡ, иабанӡардыруеи аԥсадгьыл аиқәырхаҩ дызнысыз еибашьратә мҩа. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы.Шәазыӡырҩы аудио.