Аҟәа еиҿкаахоит аиԥылара "Владиславраа" захьӡу: апроект автор лыҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи сынтәа 80 шықәса аҵра инамаданы ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аусмҩԥгатәқәа ируакхоит Сентиабр 25 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы еиҿкаахо аиԥылара "Владиславраа" захьӡу. Ари апроект еиднакыло рыхьӡқәа Аԥсны жәлар ԥызара рзызуз, афырхаҵа ихьӡ акамыршәареи уи иахь ҳажәлар ирымоу абзиабареи аршаҳаҭуеит. Ишԥацәырҵеи ахшыҩҵак Владислав захьӡу рыԥшаара, реидкылара, шаҟаҩы ихьӡ зху аиԥылараҿы иҟало, абарҭқәа дрылацәажәеит апроект анагӡаҩ Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.