Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо Урыстәыла атәылауаа ирыҭоу аҭыԥантәи аныҟәцаратә зинбӷьыцқәа 2026 шықәса мшаԥы 1 инаркны азинмч рымам ҳәа иԥхьаӡахар алшоит ҳәа азгәанаҭоит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иазнархиаз азакәан апроект. "Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рҿы азинмчы змоу аусбарҭақәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу, мамзаргьы Урыстәылатәи Афедерациаҿы анхаразы азин змоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа ирыҭаз аныҟәцаратә зинбӷьыцқәа, Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы атранспорт хархәагақәа рырныҟәгаразы азинмч рымам ҳәа иԥхьаӡахар ҟалоит 2026 шықәса мшаԥы 1 инаркны", — ҳәа азгәанаҭоит апроект.
Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгаз иаалырҟьантәи агәаҭарақәа раан аҳәынҭдырга асериа А-қәа хԥа змоу 14 машьына аанкылан ҳәа иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа. Уи иажәақәа рыла, ҩ-машьынак рҿы азакәан ззин ҟанамҵо аҭырлашьцаагақәа аԥхьатәи асаркьақәа рҿы ирыман, урҭ амхуп. Аҽа ҩ-машьынак изакәанымкәа адырраҟаҵага ҷыдақәа рықәгылан, урҭгьы ықәхуп. Иара убас аминистррақәа рнапхгаҩцәа аҽа ҩ-машьынак асеиԥш иҟоу адырга ҷыдақәа амашьынақәа ирықәырхит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Аԥсни Урыстәылеи Аҳәса реидгыла аделегациеи алацәажәеит аусеицура, аԥышәа аимдара, Аԥсни Урыстәылеи аҳәса рыбжьара аимадара арӷәӷәара, иара убас еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара рызҵаарақәа. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҳәса аҭаацәараҿы мацара акәымкәа, аполитика инаркны асоциал-культуратә ԥсҭазаара аҟынӡа аусхкқәа зегьы рҿы акыр зҵазкуа ароль шынарыгӡо, аҳәынҭқарра аҿиараҿы алагала ду шыҟарҵо.
Гәдоуҭеи Аҟәеи рыхәҭак рҿы аамҭала алашара дырцәоит цәыббра 25 рзы. Авольт ҳаракы "Мҵара" асааҭ 7:00 инаркны 8:30 рҟынӡа иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы астанциа маҷқәа "Мҵареи" "Дәрыԥшьи" русура аанкылахоит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра. Уи адагьы, иара убри аҽны астанциа маҷ "Синоп" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп. Алашара ҟалаӡом асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа.