32 шықәса раԥхьа аԥсуа еибашьцәа Аҟәа ахақәиҭтәразы ржәыларақәа ирыцырҵон арҭ амшқәа рзы. Цәыббра 25 рзы Аԥсны абираҟ аихамҩатә вокзал ахыбра иахашәыршәыруан, ахы иақәиҭтәын Аҟәатәи ашьхагьы Самаҭаа рхәы ҳәа изышьҭоу. Аҳҭнықалақь зегьы ахақәиҭтәра иагыз амаҷ акәын, уи иарааигәон зегьы ззыԥшыз Аиааира амшгьы. Леон иорден занашьоу аинрал Закан Нанба Гәымсҭатәи афронт 1-тәи абригада аштаб ахадас дыҟан Аҟәа ахақәиҭтәра ианалагоз. Иара игәалаиршәеит, ахәшьара аиҭеит Аԥсны аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтә аҭарцәразы 1993 - шықәсазтәи ажәылара.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.