"Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира": афестиваль алахәыла лыҿцәажәара

Sputnik
Цәыббрамза 25 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит 12-тәи Жәларбжьаратәи аҿартә Арт-фестиваль «Амшын аԥшаҳәаҿтәи анеиааира» Аԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иира 80 шықәса ахыҵра иазкны. Есышықәсатәи фестиваль мҩаԥысуеит девизла «Зыжәлар рыгәрагара зҽаԥсазтәыз» ҳәа. Афестиваль Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи абаҩхатәра злоу аҿар еидызкыло амҽхак ду змоу рҿиаратә проектны иҟоуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан ҳколлега лфильм аӡыргара. Еизаз ишрыдыркылази, иааидкыланы ари афестиваль интересс иаҵоуи арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.