Цәыббра 27 Аҟәа ахақәиҭтәра иамшуп. 1993 шықәса цәыббра16 рзы аԥсуа ар Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит. 11 мшы иралыгӡаны аибашьцәа аҳҭнықалақь рнапахьы иааргеит. Цәыббра 27 – Аҟәа аминистрцәа реилазаара ахыбра иахашәыршәыруа иахагылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ. Аԥсны аиааира азаагара иазықәԥон зықьҩыла аҵеира. Ишԥеиҿкаахеи аҳтнықалақь рнапахьы аагаразы ажәылара, иарбан гәыԥқәаз уи азы иалхыз, иабанӡарымаз агәыӷра уажәшьҭаҵәҟа Аҟәа ршьапы шаладыргылоз азы ҳаруаа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы аветеран игәалашәараҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.