Ихадоу атемақәа

Sputnik
Аԥсны ахада Бадра Гәынба ареспубликатә аекологиатә рыцқьаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит."Ихәыҷыз ма идуӡӡоу хҭысыз, аха ҳара зегьы ҳтәыла еиҳа иԥшӡаны, еиӷьны аҟаҵаразы еицаҳзеиԥшу агәазыҳәара ҳахәҭакны ҳхы ҳбоит", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.Атәыла ахада арыцқьаратә усмҩаԥгатә иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит."Абас еиԥш иҟоу аус маҷқәа рыла ауп ԥхьаҟацара ахьалаго, агәра ганы сыҟоуп аҿар ҳтәылазы хра злоу, ихәарҭоу шыҟарҵо", — ҳәа иҳәеит Гәынба.Аусмҩаԥгатә азкуп Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. Уи азы ареспублика аԥыза-министр адҵа) инапы аҵеиҩит.
Речхә ақыҭан Галтәи аӡымҩангага хада еиҭах иԥжәеит.Араион ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы аӡымҩангага уаанӡа еиҭашьақәдыргылахьан.Аӡымҩангага ахәҭак иаиуз ақәыӷәӷәара ӷәӷәа иахҟьоит аԥжәара, аиԥшьырҭақәа ирзаанкылаӡом.Гал араион ақалақь анхамҩатә усбарҭа арҽеиратә гәыԥ аҭагылазаашьа гәарҭоит ҳәа аанацҳауеит Гал-Медиа. Араион ахада Константин Ԥлиа аҭыԥ ахь амҩа дықәлеит.Аӡымҩангага хадаҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны цәыббра 23 рзы араион аҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәан.
Ахәыҷтәы психиатриазы аҟазацәа Аԥсны иазыҟаҵахоит.Абри азы еиқәшаҳаҭхеит ахәыҷқәа рзинхьчаҩ Мактина Џьынџьалԥҳаи агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи реиԥылараан.Аиҭаҽазыҟаҵара иахысны ихәыҷтәы ԥсихиатарцәахарц зҭаху аҳақьымцәа рсиа еиқәыршәахоит.Цәыббра 24 рзы Џьынџьалԥҳа Ареспубликатә иҷыдоу аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа даҭааит, аҳақьым хада Ирина Ануаԥҳаи лареи аҟазацәа рзымхареи ахәшәтәырҭа ашьаҭала ахәыҷтәы ԥсихиатриа аҟәша аԥҵареи рзы алшарақәа ирылацәажәеит.
Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа акинорежиссиор, ателехәаԥшреи арадиоеи адырраҭарақәа рымҩаԥгаҩ Тигран Кеосаиан, абри азы адырра ҟалҵеит иԥшәмаԥҳәыс Маргарита Симониан.Иара 59 шықәса ихыҵуан. Амедиа-гәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов арежиссиор Тигран Кеосаиан зегь реиҳа абаҩхатәра злаз, иӷәӷәаз, иааикәыршаны иҟаз зегьы амчи- алшареи агәрахаҵареи рылазҵоз уаҩын ҳәа изиҳәеит.Дзықәшәаз ақәыӷәӷәарақәа рыхгара илымшеит... Ҳара зегьы ҳгәырҩоит",— ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Киселиов.
Жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, СССР ачемпион, Европа ачемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху зых иақәиҭу ақәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир аатит Гәдоуҭа. Аицлабрақәа ирылахәуп 2007-2009, 2010-2011, 2013-2014 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа. Аԥсны, Нхыҵ Уаԥстәыла, Адыгеиа, Шәача, Волгоград рҟынтәи 150-ҩык ақәԥаҩцәа аусмҩаԥгатә иалахәуп. Атурнир аӡбаҩ хадас дыҟоуп жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩ Виачеслав Багаев. "Шәара, аспортсменцәа ҿарацәа, аиааира агаразы агәазыҳәара мацара акәымкәа, шәтәыла иаԥсоу тәылауааны шәыҟалара акырӡа ҳзаҵанакуеит", — иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.