Аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа Мықәашҭа: алахәыла иҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш аҳаҭыраз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа мҩаԥгахоит Мықәашҭа цәыббрамза 27-28 рзы. Аицлабрақәа рхы рыладырхәуеит Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа фба рҟынтәи акомандақәеи Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭантәи акомандеи. Ԥақәашьтәи агәыԥ анапхгаҩы, аҽыбӷаҟаза Дмитри Џьынџьал арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, аицлабрақәа рышҽазыҟарҵо атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.