Ихадоу атемақәа

Sputnik
Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит Аҟәа имҩаԥысыз аныҳәатә парад аҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко."Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны гәык-ԥсыкала адныҳәалара шәыдышәкыл", — аҳәоит ашәҟәаҿы.Владимир Путин инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа қәҿиарала ишыҿио.
Алада Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.Ауснагӡатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев, ареспублика аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь дыргәаладыршәеит Џьгьарда ақыҭан.Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев, аиҳабыра рлахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи.Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи амузеи аҩнуҵҟа аекскурсиа рзымҩаԥылгеит уи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа.Кириенко иазгәеиҭеит амузеи Урыстәылатәи агранттә программа алахәхара шалшо, насгьы аиҭашьақәыргылареи анаҩстәи аусурақәеи рзы афинанстә цхыраара аиуразы алшара шыҟало. Уи азы адҵа хара имгакәа иҟаҵахоит.
Зхатәы бызшәеи зкультуреи рыхьчара амҩа иану Аԥсны ажәлар рзы — Аиааира амш иҷыдоу мшуп, абри атәы азгәеиҭеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.Уи иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ироль ҷыда. Арӡынба иоуп ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарреи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иӷәӷәоу аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара атрадициеи рышьаҭа зкыз ҳәа азгәеиҭеит Кириенко.