Очамчыраа раарыхрақәа зеиԥшроу еилаҳкаауеит

Sputnik
Сынтәа акарпыжә, араса, аџьықәреи рганахьала анхацәа ибзиоу аҽаҩра ҳнаҭеит рҳәаратәы изыҟалама, иабанӡақәшәеи урҭ раарыхраз аамҭа. Акарпыжәи арасеи рыҭиразы аџьабаа збаз рааԥсара мыӡыртә ирызҭыгама аҽаҩра. Аџьықәреи ахаҭабзиара шԥаҟоу, насгьы иазгәаҭазма уи аԥырхага азҭоз ахәаҷамаҷақәа рцәырҵра нас ахәшәтәра зҭаххаз. Иааизакны изеиԥшрои Очамчыраа раарыхрақәа, абри атәы арадио Sputnik аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.