"Иахьазы Аҟәа ақалақьтә еизарахь адепутатразы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа фба ашәҟәы иҭагалоуп", — иҳәеит аҳҭнықалақь Алхартә комиссиа ахантәаҩы Алмас Џьапуа.Иара иажәақәа рыла, Аҟәа аҩнуҵаҟа абжьыҭараз азин змоу 40 нызқьҩык иреиҳауп, иахьазы асиақәа ашьақәыргылара иаҿуп, еиҿкаауп алхратә ҭыԥқәа 19.Акомиссиа ахантәаҩы дазааҭгылеит 25 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ аҭакра шихимгац алеи арҩашьыгатә маҭәашьарқәа шидимкылои рзы аршаҳаҭга назго азин шрымоу ақалақьтә еизарахь депутатс ихы ақәыргылара.Алхрақәа мҩаԥгахоит абҵарамза 8 рзы
"Аԥсны акоманда " раԥхьатәи афорум мҩаԥысуеит Аҟәа жьҭаара 7 рзы. Аусмҩаԥгатә еиднакылоит абизнес, амчра, ауаажәларра — иара иалахәхоит араионқәа зегьы рҟынтәи активра аазырԥшуа ауаажәларреи, атәыла анапхгареи, аицлабра "Аԥсны акоманда" ахаҭарнакцәеи иҳәеит "Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Георги Габуниа.Апленартә еилатәара ашьҭахь, х-секциак аусура иалагоит: атуризм, аенергетика, асоциалтә усхкқәа рзы. Иара убас, аплатформа "Урыстәыла – Алшарақәа ртәылеи" дареи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵараны иҟоуп.Габуниа афорум есышықәсатәи усмҩаԥгатәны иҟалоит ҳәа агәыӷра шимоу ааирԥшит.
Украинатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа аус рыцызуаз урыстәылауаҩ Ҟрым дныркылеит.53 шықәса зхыҵуа ахаҵа арратә ргыларақәа рзы адыррақәа реизгареи адиверсиақәа рымҩаԥгареи рзы Украина аԥшыхәратә усбарҭақәа дрыдрыԥхьалеит ҳәа аанацҳауеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.Агәҩара ззыҟоу украинатәи имҩақәҵаҩ ииҭеит ЗРК С-300 ҩба ахьгылаз аҭыԥқәа рфотосахьақәеи, рвидеосахьақәеи, ркоординатқәеи. Уи адагьы, иаанкылараан кьылак инеиҳаны артҟәацгатә маҭәашьарқәеи, афымцартҟәацгеи, аимадаратә еиқәыршәагақәеи идырбалеит. Аҳәынҭқарра ачарҳәаразы ашьаус аартуп. Иаанкылоу иҿы иқәшаҳаҭхеит, иара ддырбаандаҩит.
Гагра араион аҿы 230 нызқь мааҭ рҟынӡа зыхәԥса ыҟоу аҭаҭын аалыҵ рымырхит.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу адәқьан аҿы 77 аелектронтә сигарети урҭ рзы 9 шьушьак аӡшьари рыԥшааит. Гагра ақалақь аҿы иҟоу даҽа дәқьанк аҿы 91 аелектронтә сигарети урҭ рзы 5 шьушьак аӡшьари рбеит.Аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазелхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы идәықәҵоуп.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз ашахматтә еицлабраҿы аиааира згаз еилкаахеит. Аԥснытәи ашахматист Нестор Багаҭелиа актәи аҭыԥ ааникылеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Сергеи Миносиан аветеранцәа рыбжьара аиааира игеит. Арԥарцәа рыбжьара Богдан Турков аиааира игеит, аҭыԥҳацәа рыбжьара Сарида Лакәатааԥҳа.