Ихадоу атемақәа

Sputnik
Гагра иаатит VI Жәларбжьаратәи атуристтә форум Visit Apsny-и Аԥсны Horeca ахԥатәи ацәыргақәҵеи. Уи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рекспертцәа, атуризм аусхк ахаҭарнакцәа. Сынтәа апленартә сессиа иатема хадоуп "Атуризм аԥсахрақәа раамҭазы: аинвестициақәа, аиҭашьақәыргылара, астандарт ҿыцқәа". Аиҿкааҩцәа иреиуоу, Аԥсны Атуризм аидгыла ахада Анна Калиагина иазгәалҭеит уи алахәцәа рхыԥхьаӡара есышықәса ишазҳауа. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иазгәеиҭеит Гагра Аԥсны еицырдыруа аԥсшьарҭақәа ишреиуоу, иахьа уи ахақәиҭтәра 33 шықәса шахыҵуа.
Аԥсны ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи, афонд "Ашанеи", жәларбжьаратәи агәыҳалалратә еиҿкаара "Аҳақьым Лиза лыцхыраара иаша" ахада Ольга Демичевеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Џьынџьалԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит ари ашәҟәы баша ақьаад аҿы ишаанымхо, иуадаҩу аҭагылазаашьа иақәшәаз ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи еиҳа хра злоу ацхыраара рыҭаразы амҩа шакәу. Ольга Демичева лажәақәа рыла, 15 шықәса ирылагӡаны Урыстәылатәи афонд афедералтә медицинатә центрқәа аус рыцураҿы аԥышәа ду аиухьеит, иара убасгьы ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рыцхрааразы амеханизм аԥнаҵахьеит.
Аргылаҩцәа Гәдоуҭатәи аполиклиника ахыб аԥсахра иалагеит ҳәа аанацҳауеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа апресс-маҵзура. Аусбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, аполиклиника аамҭа-аамҭалатәи аиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп, ахыб — раԥхьатәи шьаҿоуп. Аргылаҩцәа уахынлагьы аус руеит, амш бааԥсхаанӡа аусурақәа рхыркәшаразы.
Украинатәи арбџьармчқәа уахынла имҩаԥыргоз ажәыларақәа ирыхҟьаны Шәача аҳаирбаӷәазаҿы 26 реис аанкылан. Аҳаирбаӷәаза аамҭаԥҵәала аус ауеит, аҳаиреилазаарақәеи иареи еинырны иаанкылаз ареисқәа рымаҵ руеит ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура. Зреисқәа ирзыԥшу апассаџьырцәа ацәарҭақәеи, ақәыршәқәеи, ауарҳалқәеи рзыршеит. Уи адагьы, хә-реиск егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа рахь ииасырц рыӡбеит. Аекипажқәеи аҳаирпланқәеи шыхиахалак, Шәачантәи аԥырра иалагоит.