Гагра араион ахақәиҭтәра — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа еибашьцәа раԥхьатәи риааироуп. 33 шықәса раԥхьа, жьҭаара 6 1992 шықәсазы, асааҭ 6:40 рзы аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу. Аԥсуа еибашьцәеи хатәгәаԥхарала иҳацеибашьуаз ҳашьцәеи Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа. Араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа. Ажәылара иалахәыз игәалашәара арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.