Апроект «Ҳаԥхьаҟатәи аԥсуа бызшәа» хацнаркит «Аԥсны акоманда». Анеироҳақәа — абызшәа аиқәырхаразы ацифратә хьчагоуп - ҳәа азырыԥхьаӡоит апроект аиҿкааҩцәа. Уи шалыршахо, насгьы иахьазы иԥсабаратәым аинтеллект азы ҳбызшәа ахьынӡеилкааау, иахьынӡадыру, насгьы апотенциал зеиԥшроу еилҳаргарц ҳаӡбеит. Арадио Sputnik аефир аҿы еилаҳкаауеит апроект аидеиа инаркны аԥсаҭазаара аларҵәаразы иҟаҵатәу.
Шәазыӡырҩы аудио.