Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ахшара рацәа змоу аҭаацәа рзы ашәарақәа рышәагақәа шьақәнаргылеит. 2026 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны ареспубликаҿы есымзатәи ашәарақәа рсистема ҿыц аусура иалагоит: 3-5 хәыҷы змоу аҭаацәа рзы — хәыҷык изы 1 000 мааҭ; 6-9 ахәыҷқәа змоу рзы — 3 000 мааҭ; 10 ма еиҳаны ахәыҷқәа змоу рзы — 6000 мааҭ. Арҭ аиҭакрақәа ирықәшәоит — 5500 инареиҳаны ҭаацәареи 16000 рҟынӡа ахәыҷқәеи.
Аԥсны аҳәынҭқарратә программақәа аус рыдулареи, рынагӡареи, рылҵшәақәа ахәшьара аҭареи рзы аԥҟарақәа шьақәдыргылеит аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Адокумент ҿыц иахьатәи асистема аиҭакрақәа аланагалоит, ҷыдала аҳәынҭқарратә программақәа рылҵшәа ахәшьара рыҭара аганахьала. Уаҟа иарбоуп аҳәынҭқарратә программақәа реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи рзы иҟоу аҭахрақәа, иара убас урҭ разырхиареи рынагӡареи рыԥҟарақәа. Апрограммақәа русура аамҭа инақәыршәаны х-категориак рыла еихшоуп: Аамҭа кьаҿк иаҵанакуа — шықәсык инаркны 3 шықәса рҟынӡа; Абжьарааамҭа иаҵанакуа — 3 шықәса инаркны 6 шықәса рҟынӡа; Кыраамҭатәиқәа — 6 шықәса инареиҳаны.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа урыстәылатәи апроектқәа ралархәра иалацәажәеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәыла Аҳәынҭдума амилаҭқәа рзы аилак аексперттә хеилак алахәыла, Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәыла абираҟ" ахантәаҩы Џьаҳангир Мамедови. Жьҭаарамза 7 рзы Жәлар Реизараҿы жәларбжьаратәи апатриоттә еицлабра "Урыстәыла – афырхацәа ртәыла" аҿы аиааира згази алахәылацәеи аҳамҭақәа ранаршьеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура. Аицлабра иалахәын аԥснытәи ашколхәыҷқәа.
Аиадертә медицина Ацентр аԥҵаразы аҭҵаарадырра-техникатә программа шьақәнарӷәӷәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара. Уи ахықәкы — асоциалтә ҵакы змоу ачымазарақәа: акьыбачымазара, ашьада чымазара, анеуроеиҭакратәи аендокринтәи чымазарақәа заанаҵ раарԥшра иазырхоу ацентр аконцепциа аԥҵароуп. Ацентр аргылара азгәаҭоуп Аҟәатәи афизика-техникатә институт ахыбраҿы. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп ациклотронтә комплекси арадиофармацевтикатә синтезтә лабораториеи рзы апроектқәа аус рыдулара. Аусурақәа нагӡатәуп — 2025 шықәсазы. Аԥарақәа рзоужьхоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи — 10 млн мааҭ.