Аспорт зегьы рзы: Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи аспорттә дәқәа рыла иахьынӡеиқәшәоу еилаҳкаауеит

Sputnik
Асасцәа: Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Артур Торчуа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Нарчоу Лазба, Аҟәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниа.
Абаҩырҵәыра-аспорт иацуҵар адисциплина иаҟароуп згәы бзиоу абиԥара. Аха ари апринцип ныҟәгашьас иамоузеи ҳтәылаҿы? Насгьы згәы бзиоу абиԥара ааӡара ақалақь аҟны мацароума иахьақәнагоу? Хымԥада, мап. Арҭ азҵаарақәа зегьы ариторикатә ҟазшьа рымоуп, изхылҿиаауагьы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ауп. Ҳаамҭазы школ анҭыҵ ахәыҷы аспорт ахь имоу потенциал аилкааразы, еиуеиԥшым асекциақәа рҟны игәаҭаразы алшара ахьаԥҵоу ақалақь аҟны ауп, уигьы ақалақьқәа зегьы алаҽхәартә иҟоума? Араионқәеи ақыҭақәеи рҭагылазаашьа зеиԥшрои, уаҟа иҳамоу асахьа абанӡеилкаау? Азҵаара рацәа аҭак аҟаҵара рҽазыршәоит арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.