Аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит афорум «Аԥсны акоманда». Аконкурс алахәылацәа – аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, аицлабра «Аԥсны акоманда» афиналистцәа, атәыла зегьы аҟынтәи активтә уаажәларра атуризм, аенергетика, асоциалтә зҵаарақәа ирызку х-сессиак рхы рыладырхәит. Урҭ рҟынтәи аӡәырҩы атуристтә индустриа аҿиара, амҩа ҿыцқәа раартра, аҳәаанырцә Аԥсны ахьӡ-аԥша аларҵәара, арӷәӷәара, аԥсуа бызшәа аҿиара уҳәа ирызку апроектқәа ӡырыргеит. Хыԥхьаӡара рацәала ҿыц иӡыргоу аидеиақәа аԥҭазаара раларҵәара азы иаҭаххо аресурсқәеи, урҭ рҵаки, ҳаамҭазы аҿар ирзаатуа алшара ҿыцқәеи ҳрылацәажәоит арадио Sputnik астудиаҿы.
Шәазыӡырҩы аподкаст.