Аԥсны

Аҟәа ақалақь ахада Урыстәыла Афедералтә Еизара ахаҭарнакцәа дырԥылеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Урыстәыла Афедералтә Еизара ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба асенатор Александр Карелини Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Светлана Журовеи дрыцны Аҟәа аԥшаҳәаҿы иформалтәым аныҟәара мҩаԥигеит, аҳҭнықалақь агәы аиҭашьақәыргыларазы иҟоу апланқәа ртәы рзеиҭеиҳәеит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара.
Аԥсны
Бадра Гәынба Урыстәыла асенатор Александр Карелини адепутат Светлана Журовеи дырԥылеит
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа акомплекстә реконструкциа алагаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит цәыббра 30 рзы.